Илиа Дарчиашвили - Ԥхынҷкәын 15 рзы акандидат статус аофициалла иҳанаршьароуп, уи азын усзура ҳаҿуп
Илиа Дарчиашвили - Ԥхынҷкәын 15 рзы акандидат статус аофициалла иҳанаршьароуп, уи азын усзура ҳаҿуп

Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр Илиа Дарчиашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, акандидат статус иазкны Еврокомиссиа ахәшьара бзиа евроинтегарциа амҩан атәыла зы зегь реиҳа ихадоу шьаҿоуп.

Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр Акти аканал адырраҭара “Зхы иақәиҭә агәаанагара” аефир аҿы ишазгәеиҭаз, ԥхынҷкәын 15 рзы акандидат статус аофициалла ҳанаршьарц азы, апартниорцәа рыбжьқәа раиуразы Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыҳҭнықалақьқәа рҿы анапхгара активтә усзура иаҿуп.

Илиа Дарчиашвили иажәақәа рыла, европатәи аперспектива анашьара ашьҭахь, Қырҭтәылеи Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҟны адинамикатә аизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.

Қырҭтәылa aдәныҟaтәи aусқәa рминистр ишазгәеиҭаз ала, акандидат статус анашьара ахырхарҭала атәылақәа аконсенсус ахьӡара шрылшо агәра игоит.

Иара убас, Илиа Дарчиашвили иҳәамҭала, Еврокомиссиа аднакылаз аӡбара Евроеидгыла арӷәӷәареи, арҭбаареи ауп хықәкыс иамоу, ари ихадароу процессуп, агеографиа ҳазааҭгылар, ари азҵаара амш аусхәаԥштә иалам.