Илиа аҩбатәи Михаил Саакашвии ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иинтронизациа амш ахьидиныҳәалаз азыҳәан
Илиа аҩбатәи Михаил Саакашвии ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иинтронизациа амш ахьидиныҳәалаз азыҳәан

 

Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх Илиа аҩбатәи Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили ашәҟәы изишьҭит.

Апатриарх ишәҟәы амедиаҿы аларҵәара аиуит, анеҩс Апатриархиа апрессмаҵзураҿгьы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.

Илиа аҩбатәи Михаил Саакашвии ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иинтронизациа амш ахьидиныҳәалаз азыҳәан.

„Ҳаҭыр зқәу Михаил, гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит синтронизациа амш сыдныҳәаларазы. Саргьы шәымширеи Ашықәс ҿыци  шәыдысныҳәалоит. Агәабзиареи агәышьҭыҵреи шәзеиҕьасшьоит, шәдоуҳатә мчы аҕәҕәахареи ииашоу даҽа лабҿабарак аилкаареи аҿы Анцәа дшәыцхрааит“, – иануп ашәҟәы аҟны.