Илиа аҩбатәи - Ацәымӷреи агәаӷи рыла ҳара ҳмилаҭтә проблемақәа рыӡбара ҳалшом, уи акәым ҳқьырсианреи ҳҳәынҭқарреи аԥхасҭа роур рнаҭоит, ҳабзиабара ахьынҵәо, ҳқьырсианрагьы хьрыкәшахоит
Схәыҷқәа, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа иеилыкка иаадырԥшуеит ҳдунеи ахылаԥшра ҳара ҳаззегьы ҳҭакԥхықәрақәа ишреиу. Ауаҩы цыԥхьаӡа – адуи ахәыҷи – амчылара даҿагылароуп, — иануп Қырҭтәыла апатриарх Илиа II иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Апатриарх иажәақәа рыла, “зконтроль цәгьоу апроцессқәа раԥырҟәҟәааразы аконструктивтә аиҿцәажәарақәаа рымҩаԥгара аҵак ду амоуп”.
«Қырҭтәыла Европатәи ацивилизациа иузеиҟәымҭхуа хәҭоуп, ҳара ҳуалԥшьоуп шәышықәсалатәи ҳқьырсиантә доуҳатә-культуратә ҭынха, ҳтрадициатә ҵак дуқәа ирыбзоуроу, Европатәи астиль змоу амилаҭтә ҳәынҭқарра арӷәӷәареи аҿиареи рзы ҳлагала аҟаҵара.
Ацәымӷреи агәаӷи рыла ҳара ҳмилаҭтә проблемақәа рыӡбара ҳалшом, уи акәым ҳқьырсианреи ҳҳәынҭқарреи аԥхасҭа роур ҟалап, ҳабзиабара ахьынҵәо ауп ҳқьырсианрагьы ахьхыркәшо.
Иахьа ақырҭуа уахәама ашьаҭаркҩы, иԥшьоу Апостол Андреи Аԥхьанаԥхьа игәалашәара амш ауп, иара убасгьы иԥшьоу Аҳ Вахтанг Горгасали, акаҭаликосцәа Пиотр Актәи, Самуил Актәи ргәалашәара амш ауп. Рныҳәарақәа, Қырҭтәыла егьырҭ аԥшьацәа рныҳәарақәа рыла, Иԥшьоу Анцәа иан лыбжьаҟазарала аҭынчреи аизҳазыӷьареи ҳзааргоит”, – иануп Апатриарх иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.