Азербаиџьан ахада Илҳам Алиев аусуратә визитлда Қырҭтәыла даҭааит.
Илҳам Алиев иҧылара аофициалтә церемониа мҩаҧган Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы. Аҳаирбаҕәазаҿы Алиев диҧылеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.
Азербаиџьан ахада Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили диҧылоит. Аиҧылара ашьҭахь асааҭ 14:00 рзы ҩ-тәылак рнапхагаҩцәа «Шато-Мухрани» аҿы АИХ рзы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.