Ильхам Алиев – Уажәгьы апроблемақәа иҟоуп, Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчра шьақәыргылатәуп
«Ҳаиҩызареи ҳажәларқәа рыбжьара апартниорреи арҕәҕәаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа инаҳагӡоит, абри аҩыза аиҧыларақәа ҳтәылақәа реизааигәахареи ҳаиҩызара арҕәҕәареи иацхраауеит», — иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии иареи Қарҭ еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
Иара ишиҳәаз ала, Иракли Ҕарибашвилии иареи реиҿцәажәараан Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчра аҵакы иазааҭгылеит.
«Уажәгьы аҳасабтәқәеи апроблемақәеи иҟоуп, Аахыҵ Кавказаҿ макьана аҭынчра шьақәыргылам, иахьа ҳаҭыр зқәу аҧыза-министри сареи ари азҵаара ҳалацәажәеит. Аахыҵ Кавказаҿ ҭынчзароуп. Аҧыза-министр ишиҳәаз еиҧш, ҳара еснагь Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ҳадгылоит. Қырҭтәылагьы Азербаиџьан ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит. Ҳара жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿы еснагь ҳаидгылоуп, ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи ринтересқәа ирыҵанакәа азҵаарақәа рҿы еснагь ҳаидгылоуп. Уи жәларбжьаратәи зин ахадаратә принципқәа иреиуп, жәларбжьаратәи зин аилагара, аҵакырадгьылтә акзаара аилагара ҳзақәшаҳаҭхом, ари азҵааразы ҳҳәатәы еиқәшәоит, ҳгәаанагарақәа еиҧшуп», — иҳәеит Ильҳам Алиев.