Ильхам Алиев – Ҳара аенергетикеи, атранспорти, егьырҭ аусхкқәеи рҿы аплан дуқәа ҳамоуп, Анаклиатәи абаҕәаза уҳәа, еиуеиҧшым аинфраструктуратә проектқәа ҳрылахәызар ҳҭахуп
Ильхам Алиев – Ҳара аенергетикеи, атранспорти, егьырҭ аусхкқәеи рҿы аплан дуқәа ҳамоуп, Анаклиатәи абаҕәаза уҳәа, еиуеиҧшым аинфраструктуратә проектқәа ҳрылахәызар ҳҭахуп

Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Қырҭтәыла аҧыза-министри иареи Қарҭ еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы атәылақәа еицынарыгӡо аенергетикатәи атранспорттәи проектқәа дрылацәажәеит. Алиев ари ахырхарҭала аусеицура арҭбаара аҵакы дазааҭгылеит.

«Иахьа ҳара еиуеиҧшым атәылақәа ренергетикатә шәарҭадара ахьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Ари ахырхарҭалагьы аус еицаауеит, уи ҳусхәаҧштә иаҵанакәа азҵаарақәа иреиуп, Анаклиатәи абаҕәаза уҳәа, ҳазлацәажәаз еиуеиҧшым аинфраструктуратә проектқәа зегьы гәахәарала ҳхы рылахәхәоит.  Ҳара Қырҭтәыла,  Амшын еиқәаҿы Кулеви абаҕәаза ҳамоуп, ари абаҕәазагьы ҳарҭбаар ҳалшоит, уигьы ҳусеицура иаҳа арҕәҕәоит.  Аихамҩа Бақәа – Қарҭ аҿгьы аидарамҩангара хәынтә еиҳахоит, уи азы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит. Уи Абжьаратә корридор аҿиара ахырхарҭала зегьы реиҳа иадуу компонентхоит.  Аенергетикагьы атрадициатә усхкуп, ҳара аенергетика иаҵәа ҳалацәажәахьеит. Араагьы, Қырҭтәылеи Азербаиџьани, аешьаратә жәларқәа, европатәи амилаҭ рҟны еиқәшаҳаҭрала аус руеит, анеҩстәи амзақәа рзы ҳара ари апроект атехникатә ҭҵаара ҳхаркәшоит. Агәра ганы сыҟоуп хара имгакәа аинвестициақәа рганахьала алҵшәа бзиа шҳауа,  ари аҧара аенергетикеи,  афымцамҩангага иаҵәеи, ҳенергетикатә хьыҧшымра еиқәзыршәаша акорридори,  Қырҭтәылеи,  Азербаиџьани,  апартниор тәылақәеи  ршәарҭадареи  иалаҳҵоит.  Қырҭтәылеи,  Азербаиџьани,  апартниор тәылақәеи  рҿы инаҳагӡо абарҭ апроектқәа зегьы  Аахыҵ Кавказ мацараз акәымкәа, Евразиатәи континент зегьы азы ахадаратә ҵакы рымоуп, абри ахырхарҭала аусеицура ҳазыхиоуп. Ҳара аполитикатә ҭаххара ду ҳамоуп, уажәазы иҟоу аинфраструктура ахархәареи арҿиареи ала, ҳаиҩызареи ҳпартниорреи аҿиарала ари ахықәкы наҳагӡоит», — иҳәеит  Ильхам Алиев.