Ильҳам Алиев  Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит
Ильҳам Алиев  Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит

Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев  Саломе Зурабишвилии ақырҭуа жәлари Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Қырҭтәыла ахада,   Ахьыҧшымра амш азы   — лаҵара 26 рзы, сареи Азербаџьан ауааҧсыреи ҳахьӡала, шәареи аҩызаратә ақырҭуа жәлари гәыкала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш, бзиарас иҟоу зегьы шәзеиҕьасшьоит.

Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа аиҩызареи аигәылареи ала еицынхо ҳажәларқәа иахьатәи реизыҟазаашьақәа бзиоуп.

Аидгылареи, агәреибагареи,  аусеицура ҕәҕәеи, еицынаҳагӡо арегионалтә проектқәа дуқәеи – ҳстратегиатә партниорра ҳәаақәызҵо ахадаратә факторқәоуп.

Агәра ганы сыҟоуп ҳуааҧсыра ринтересқәа иазҧхьагәаҭаны, азеиҧш ҽазышәарала, атрадициатә азербаиџьан-ақырҭуа еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәареи, ҩ-ганктәии аганрацәалатәии форматқәа рҿы ҳусеицура иаҳа арҭбаареи  шҳалшо. Аныҳәа ду амш азы агәабзиареи, агәырҕьареи, шәусураҿы ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит, ақырҭуа жәлар аҭынчреи мышхәыбзазареи рзеиҕьасшьоит», — иануп Ильҳам Алиев идныҳәаларатә шәҟәы аҟны.