Ильҳам Алиев  Саломе Зурабишвили Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит
Ильҳам Алиев  Саломе Зурабишвили Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит

Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Қырҭтәыла адиныҳәалеит Ахьыҧшымра амш.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили илзааишьыз ашәҟәы аҟны Илҳам Алиев ишазгәеиҭаз ала, азербаиџьан-ақырҭуа аимадарақәа шьақәгылеит ашәышықәсарацәалатә аиҩызареи, аигәылареи, аицхыраареи ашьаҭала.

Ҳаҭыр зқәу азада,

Хаҭала сареи азербаиџьан жәлари ҳахьӡала гәахәарыла, гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла амилаҭтә ныҳәа – Ахьыҧшымра амш. Шәареи ақырҭуа жәлари бзиарас иҟоу зегьы шәзеиҕьасшьоит.

Азербаиџьан-ақырҭуа аимадарақәа шьақәгылеит ашәышықәсарацәалатә аиҩызареи, аигәылареи, аицхыраареи ашьаҭала ҕәҕәа ала. Сынтәатәи ашықәс ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы аҵакы ҷыда амоуп  – Азербаиџьани Қырҭтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит. Гәахәарала иазгәасҭар сҭахуп ари аамҭа иалагӡаны агәреибагара ашьаҭала ҳусеицуреи ҳстратегиатә партниорреи иаҳа ишыҕәҕәахаз.

Аныҳәатә амш азы агәабзиареи, анасыҧи, шәусураҿы ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит, аиҩызаратә ақырҭуа жәлар  – еснагь ашәҭыкакаҷра», — иануп Ильҳам Алиев ишәҟәы аҟны.