Ильҳам Алиев Иракли Кобахиӡе апарламенттә алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира идныҳәаланы, Азербаиџьанҟа днаиҧхьеит
Ильҳам Алиев Иракли Кобахиӡе апарламенттә алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира идныҳәаланы, Азербаиџьанҟа днаиҧхьеит

Ильҳам Алиев Иракли Кобахиӡе апарламенттә алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы» аиааира идныҳәаланы, Азербаиџьанҟа днаиҧхьеит.

Алиев иҟаиҵаз адныҳәалара аланарҵәеит Азербаиџьан ахада иадминистрациа.

«Агәра ганы сыҟоуп алхрақәа рылҵшәақәа Қырҭтәыла аҿиареи ашәҭыкакаҷреи ишацхраауа. Иара убас, агәра ганы сыҟоуп алхрақәа рылҵшәақәа  Азербаиџьани Қырҭтәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҿиара ишацхраауа.

Ҳполитикатә диалог анагӡаразы  аофициалтә визитла Азербаиџьанҟа ааҧхьара шәаҳҭоит.

Бзиарас иҟоу зегьы шәзеиҕьасшьоит, аиҩызаратә ақырҭуа жәлар аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи азеиҕьасшьоит», — иануп Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев ишәҟәы аҟны.