Ильҳам Алиев Иракли Кобахиӡе иахь - Шәпартиа иаиуз ақәҿиара Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит
«Шәпартиа иаиуз ақәҿиара Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара еиқәнаршәоит, шәашьцәеи шәҩызцәеи раҳасабала, ҳара ари ақәҿиара ҳаигәырҕьеит», — иҳәеит Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев Иракли Қобахиӡе даниҧыла ашьҭахь аҳәамҭақәа аныҟарҵоз.
Иара иажәақәа рыла, аиҧылараҿы излацәажәоз атемақәа иреиун аимадара азҵаарақәеи Абжьаратә корридор апроекти.
«Ишиашо ҳаиҧылараан ҳара аимадара азҵаарақәеи Абжьаратә корридор апроекти ҳалацәажәеит. Ҳтәылақәа аус еицыруеит, ҳара ҳпартниорцәоуп. Еиҧҟьарада аимадара ҳабжьоуп, иашьашәалоу аусбарҭақәа ари ахырхараҭала активла аус еицыруеит. Агәра ганы сыҟоуп ари апроект ақәҿиара шаиуа. Ҳәарада, ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара егьырҭ атәылақәагьы аус рыцаауроуп, ари агеографиа ҭбаауп. Азербаиџьани Қырҭтәылеи Европеи Азиеи рыбжьара аимадара еиқәдыршәоит. Ҳара қәҿиарала ари ахықәкы наҳагӡоит, Азербаиџьангьы Қырҭтәылагьы атранспорттә инфраструктура шыҭбаахо здыруеит. Ари апроцесс аҩ-тәылак рҿы еицтәараны имҩаҧысуеит, уи ҳажәларқәа хырҳагара ду рзаанагоит. Ҳара ҳпартниорра ҕәҕәоуп, егьырҭ атәылақәа амаҵзура рыдаагалар ҳалшоит.
Ҳара иҟаҳҵаз рацәоуп, абри зегьы ирҭбаау аформатаҿ ҳалацәажәоит. Иара убас, иазгәасҭар сҭахуп шәпартиа иаиуз ақәҿиара Аахыҵ Кавказаҿ аҭышәынтәалара шеиқәнаршәо. Шәашьцәеи шәҩызцәеи раҳасабала, ҳара ари ақәҿиара ҳаигәырҕьеит, наҟ-наҟ ақәҿиара дуқәа шәзеиҕьаҳшьоит», — иҳәеит Азербаиџьантәи ареспублика ахада.