Иҟоу адыррақәа рыла, Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс дҟрҵоит, Иракли Ӷарибашвили апартиа ахантәаҩы иҭыԥ ааникылоит
Иҟоу адыррақәа рыла, Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс дҟрҵоит, Иракли Ӷарибашвили апартиа ахантәаҩы иҭыԥ ааникылоит

 Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс дҟрҵоит, Иракли Ӷарибашвили апартиа ахантәаҩы иҭыԥ ааникылоит, – аанацҳаит ателеканал “Имеди”.

“Имеди” аексклиузивтә информациала, ажьынрыҳәа 24 рзы имҩаԥган “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитхеилак аилатәара. Аилатәараҿ ишырыӡбаз ала, ажьырныҳәа 1 азы имҩаԥысуеит апартиа аизара ду.

“Иҳамоу адыррақәа рыла, апартиа уажәтәи ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе аԥыза-министрс дҟрҵоит, Иракли Ӷарибашвили апартиа ахантәаҩы иҭыԥ ааникылоит.

Иара убас, Иракли Кобахиӡе апартиа “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә маӡаныҟәгаҩ иҭыԥ ааникылоит”, – иазгәаҭоуп “Имеди” аинформациаҿы.