Иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа, Шарль Мишель идокумент алҵра иадҳәаланы анапхнаратә партиа аҳәамҭа иақәҿырҭит
Иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа, Шарль Мишель идокумент алҵра иадҳәаланы анапхнаратә партиа аҳәамҭа иақәҿырҭит

Иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақәа, “Ақырҭуа гәахәтәы” мшаԥы 19-тәи еиқәшаҳаҭра  алҵра иазку аҳәамҭәа иақәҿырҭит.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, ари аӡбара ала Қырҭтәыла Евроатлантиктәи акурси адемократиатә реформақәеи рыла атәыла ҭынч аҿиареи мап рыцәнакуеит.

“Ари аӡбара ала Қырҭтәыла Евроатлантиктәи акурси адемократиатә реформақәеи рыла атәыла ҭынч аҿиареи мап рыцәнакуеит.

“Ақырҭуа гәахәтәы” аӡбара алхраԥхьатәи апериод аан аполитикатә кризиси аполиаризациа арӷәӷәареи ҳзанагоит. Амч ахьчаразы “Ақырҭуа гәахәтәы” атәыла амшхәбзазареи, мраҭашәаратәи акурси, адемократиатә аҿиареи астратегиатә партниорцәа рҟны аиҩызареи мап рыцәнакуеит,” – иануп иҳәынҭқарратәым еиҿкаарақёа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы. Аҳәамҭа рпаны аҵарҩит:

Қырҭтәыла адемократиатә аԥшьгара (GDI); Жәларбжьаратәи алабҿабара – Қырҭтәыла (TI Georgia); Иаарту еилазаара афонд (OSGF); Ииашоу алхрақәеи адемократиеи жәларбжьаратәи реилазаара  (ISFED); Атәылауаҩратә ҵысра – Ԥхашьароп (Shame movement); Анапхгараҭара амониторинг азы ацентр  (GMC); Ауажәларреи абанкқәеи; Саԥари Қырҭтәыла атлантикатәи ахеилак ауаҩытәыҩса изинақәа рцентр (HRC); Қырҭтәыла ареформақәа реилазаара (GRASS); Адемократиа аҭҵааразы аинститцт (DRI); Аиҟарареи аиԥшымреи ринститцт (TDI); Аҭҵааратә журналистикеи аекономикеи ранализ азы ацентр аих аҿиара афонд (MDF); Асоциалтә зин азы ацентр(SJC); Европа афонд (EPF); Аекономикатә политика аҭҵааратә центр(EPRC); Аинформациа ахақәиҭра аҿиара аинститут (IDFI).

“Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе иахьатәи абрифинг аҿы иҟаиҵаз аҳәамҭала, Шарль Мишель илагалеи идгылареи рзы иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Аха иахьа, аиқәшаҳаҭра рыбжарҵеижьҭеи 100 мш анҵы иубарҭоуп, ари адокумент ахатә миссиа шынанагӡаз, уаҳа акгьы шалымшо”. Кобахиӡе иажәақәа рыла, мшаԥы 19-тәи аиқәшаҳаҭра аԥыхра ала, атәыла аконституциатә ҳәаа азыхынҳәеит, аполитикатә процессқәа Қырҭтәыла аконституциа инақәыршәаны нагӡахоит.