«Лаҵара 8 рзы анапхгара рнервқәа хыҵит, заанаҵы аадырԥшит Қырҭтәыла аҽеиҭакра шырҭаху», — ирҳәеит абрифинг аҿы Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ишазгәарҭаз, урыстәылатәи ашәарҭадаратә маҵзурақәа рметодқәа атәыла европатәи аԥеиԥш азы ақәԥара аԥырхагахара рылшом.
“Биӡина Иванишвили мшаԥы 29 рзы иҳәамҭаҿы адәныҟатәи авектор аԥсахреи арепрессиақәеи дрыхцәажәеит, урҭ ишалагаз иахьа иубарҭоуп. Ақәмақаррақәа, атәылауаа раҳаҭыр аларҟәра, аполитикацәеи активистцәеи рқәылара, рыргәаҟра – ари зегьы иахьа ҳтәылаҿ иубарҭоуп. Аха аолигархи идгылаҩцәеи ирхашҭит, Қырҭтәыла Урыстәылаӡам. Ҳара, ақырҭуаа ахақәиҭра ахә ибзиаӡаны иаадыруеит. Урыстәылатәи ашәарҭадаратә маҵзурақәа рметодқәа атәыла европатәи аԥеиԥш азы ақәԥара аԥырхагахара рылшом. Ахақәиҭра – ақырҭуа жәлар рзы ихадароу хәынаӡароуп. Убри аҟынтә ҳтәыла европатәи аԥеиԥш ахьчара наҳагӡоит, урыстәылатәи амчыларатә методқәа ҳарҿагылоит», — Иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.