Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, аурысцәа ирышьҭыз џьамтәылатәи 31 камикаӡе-дронқәа рҟынтә, украинатәи аҳауахьчаҩцәа 29 дрон ҭадырхеит,
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, аурысцәа ирышьҭыз џьамтәылатәи 31 камикаӡе-дронқәа рҟынтә, украинатәи аҳауахьчаҩцәа 29 дрон ҭадырхеит,

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, аурысцәа ирышьҭыз џьамтәылатәи 31 камикаӡе-дронқәа рҟынтә, украинатәи аҳауахьчаҩцәа 29 дрон ҭадырхеит. Ари аанацҳаит Украина аҳаухьчаратә напхгара.

Аҳауахьчаҩцәа ишаарыцҳаз, урыстәылатәи камикаӡе-дронқәа аҩадахьтәии аладахьтәи ахырхарҭахь ишьҭын. Украина аҳауахьчаратә система Киев ажәҩан аҿы иҟаз дронқәа зегьы ықәнахит.

Киев ахада Витали Кличко ишааицҳаз, аурысцәа рҳауатә жәылараан, Голосеевсктәи араион аҟны аҩнеихагыла ду амца цралеит, аӡәы дыԥсит, ԥшьҩык ахәрақәа роуит.