Иенс Столтенберг - Урыстәылахь ҳхы нарханы ааԥхьара аауеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц, арратә мчқәагьы арҭ арегионқәа рҟынтәи иалгазарц, арҭ арегионқәа Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп
Урыстәылахь ҳхы нарханы ааԥхьара аауеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц, арратә мчқәагьы арҭ арегионқәа рҟынтәи иалгазарц, арҭ арегионқәа Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп, иҳәеит Иенс Столтенберг Нато Қырҭтәылатәи акомиссиа еилатәара аҿы.
НАТО атәылақәа жәпакы агәҭынчымра рызцәырнагоит Урыстәыла Амшын Еиқәаҿы аҟазаара иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.
“Нaто aшәқәa aaртуп. Алидерцәа НАТО асаммит аҿы Қырҭтәыла алианс иалахәылахоит ҳәа рҳәахьеит. Иахьа Нато алахәылацәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи ишрыдгыло. Урыстәылахь ҳхы нарханы ааԥхьара аауеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц, арратә мчқәагьы арҭ арегионқәа рҟынтәи иалгазарц, арҭ арегионқәа Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа хәҭақәоуп,” – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада.