Иенс Столтенберг - Урыстәыла Украина ахьақәлаз аҟынтә, Нато Қырҭтәылеи Молдовеи рыдгылара рзаанарԥшыроуп
Иенс Столтенберг - Урыстәыла Украина ахьақәлаз аҟынтә, Нато Қырҭтәылеи Молдовеи рыдгылара рзаанарԥшыроуп

Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҟаиқаз аҳәамҭала, Урыстәыла Украина ахьақәлаз аҟынтә, Нато Қырҭтәылеи Молдовеи рыдгылара рзаанарԥшыроуп.

Ари атәы Иенс Столтенберг Европарламент алидерцәа рҟны аиԥылара ашьҭахь ажурналистцәа раиҳәеит. Столтенберг иажәақәа рыла, адгылара апрактикатәи аполитикатәи хәҭақәа рыла ишьақәгылоуп.

“Урыстәыла Украина ахьақәлаз аҟынтә, Нато алианси Евроеидгылеи иалам Қырҭтәылеи Молдовеи рыдгылара рзаанарԥшыроуп, адгылара апрактикатәи аполитикатәи хәҭақәа рыла ишьақәгылоуп. Қырҭтәыла Нато азы крызҵазкуа партниоруп, аусеицура бзиа амоуп Евроеидгыла аҟны. Иаҳа ибзианы аусеицуразы иацҵаны амҩақәа рыԥшаара ҳаҿуп”, – иҳәеит Столтенберг.