Иенс Столтенберг - Урыстәыла ахь ааԥхьара аҟаҵара наҳагӡоит, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара иаҟәыҵны, арратә мчқәа алыргарц
Нато Қырттәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети рыдгылоит. Урыстәыла ахь ааԥхьара аҟаҵара наҳагӡоит, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵара иаҟәыҵны, арратә мчқәа алыргарц, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Нато амаӡаныҟәгаҩ хада иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аԥыза-министри иареи арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа иахцәажәеит.
Иенс Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Украинеи алиансқәа рхара ралхра зин рымоуп, Урыстәыла ари иадҳәаланы адҵапҟаҵара зин амаӡам.
“Иахьа ҳара ҳарзааҭгылеит ашәарҭадара ганахьала арегион аҟны иҟоу аҭагылазаашьа, Украинаҿ урыстәылатәи аруаа рмобилизациа, Амшын Еиқәа арегион аҟны адестабилизациа анагӡара аҽазкра. Ахаҿы ахшыҩ ҳамазароуп, хагәҽанызароуп. Урыстәылантә иаауа агрессиа ақәҿыҭра аиуеит. Қырҭтәылеи Украинеи алиансқәа рхара ралхра зин рымоуп, Урыстәыла ари иадҳәаланы адҵапҟаҵара зин амаӡам. Нато апартниорцәа аполитикатәи апрактикатәи рыдгылара нанагӡоит. Ҳара Қырҭтәыла атәылахьчаратә лшарақәа реиӷьтәра аус адаҳулоит,” – иҳәеит алианс амаӡаныҟәгаҩ хада.