Иенс Столтенберг - Қырҭтәыла зқьҩыла украинатәи ахҵәара ахыҵакырҭа рнаҭеит, агуманитартәи афинанстәи ганахьала ирыцхрааунит, сара уи садгылоит
Қырҭтәыла зқьҩыла украинатәи ахҵәара ахыҵакырҭа рнаҭеит, агуманитартәи афинанстәи ганахьала ирыцхрааунит, сара уи садгылоит, – иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ари аҳәамҭа ҟаиҵеит иареи Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи еицымҩаԥыргаз апрессконференциаҿы.
“Ҳазну амчыбжь азы ҩышықәса ҵуеит Урыстәыла Украина иажәылеижьҭеи. Украина Авдеевка аҵакырадгьылантә ихьаҵра иаҿуп, ари афакт алагьы иубарҭоуп афронтаҿ аҭагылазаашьа даараӡа ишыцәгьоу, аха, украинаа уаҩ илымшашаз ҟарҵеит, НАТО Украина адгылара нанагӡоит. Аҵыхәтәантәи ҩымш рзы аидгылаҩцәа миллиардла евро иаҟароу арратә адгылара апакет аус адулара иазкны аинформациа аладырҵәеит. Ари ацхыраара иаҵанакуеит ахыхьчаратә хархәагақәеи, артиллериеи, арратә аибыҭареи, F-16 аҧырратә аппаратқәеи. НАТО апартниорцәа ароль хада нарыгӡоит, Қырҭтәылагьы агуманитартәи афинанстәи ганахьала ацхыраара ҟанаҵоит, сара уи садгылоит. Қырҭтәыла зқьҩыла украинатәи ахҵәара ахыҵакырҭа рнаҭеит”, – иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада.