Иенс Столтенберг – Қырҭтәыла НАТО иазааигәаӡоу апартниорцәа иреиуп, НАТО амиссиақәеи аоперациақәеи рҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагала ду иҳаракны ахә ҳшьоит
Иенс Столтенберг – Қырҭтәыла НАТО иазааигәаӡоу апартниорцәа иреиуп, НАТО амиссиақәеи аоперациақәеи рҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагала ду иҳаракны ахә ҳшьоит

 

«Ҳара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ҳадгылоит, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Қырҭтәыла иаҵанакуеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Қырҭтәыла аҧыза-министри иареи аҳәамҭа аныҟарҵоз.

Стотенберг ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла  НАТО иазааигәаӡоу апартниорцәа иеиуп.

«Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, шәбара сеигәырҕьеит. Уажәы абра ҳаихьеиҧылаз бзиоуп. Уи алагьы иубарҭоуп Қырҭтәылеи НАТОи рпартниорра ҳара ҳзы аҵакы ду шамоу, иара убас, мчыбжьқәак раҧхьа Бриуссель шәнеира ҳақәгәырҕьеит. Уажәы сара абра сыҟоуп, уи алагьы иубарҭоуп  ҳпартниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара ҳабжьара активтә политикатә диалог шымҩаҧысуа.  Қырҭтәыла НАТО иазааигәаӡоу апартниорцәа иреиуп, НАТО амиссиақәеи аоперациақәеи рҿы Қырҭтәыла иҟанаҵаз алагала ду иҳаракны ахә ҳшьоит.   Ҳара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара ҳадгылоит, Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Қырҭтәыла иаҵанакуеит.  НАТО Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵоит Қырҭтәылатәи арегионқәа ихьыҧшым ҳәынҭқаррақәас рызхаҵра иазку аӡбара аҧырхырц. Қырҭтәылеи Украинеи импыҵахалоу рҵакырадгьылқәа рҿы Урыстәыла ала еиҿкаау алхрақәа рымҩаҧгара закәаным,  насгьы, Урыстәыла ахада иалхрақәа  аартымызт, ииашамызт», — иҳәеит  Столтенберг.