Иенс Столтенберг - Қырҭтәыла иеиҧшу апартниор-тәыла аус ацура иаҵанакуа рацәоуп
«Қырҭтәыла иеиҧшу апартниор-тәыла аус ацура иаҵанакуа рацәоуп, ҳара адемократиатә уаажәларраҿы анхара зҭаху ақырҭуа жәлар ҳрыцхраароуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг «Арадио Ахақәиҭра» ажурналист даниацәажәоз.
Ажурналист Столтенберг диазҵааит «Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан адкылареи Анаклиатәи абаҕәаза апроект аҿы китаитәи аилахәыра алахәызаареи иазкны.
«Қырҭтәыла – ҳпартниор ауп. Уажәааны Қырҭтәыла сыҟан, Қырҭтәыла иеиҧшу апартниор-тәыла аус ацура иаҵанакәа рацәоуп. Атәым агентцәа ирызку азакәан ҿыц амшала Қырҭтәыла ииашам амҩа ианылеит, убри азоуп НАТО иалоу атәылақәеи егьырҭ атәылақәеи изгәамҵуа, ҳара адемократиатә уаажәларраҿы анхара зҭаху ақырҭуа жәлар ҳрыцхраароуп», — иҳәеит Столтенберг.
Абри азакәан адкылара НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рзы анырра аиуама ҳәа ианиазҵаа, Столтенберг ишиҳәаз ала, ари азҵаара макьана иаламцәажәацт.
«Ари азҵаара ҳаламцәажәацт. Ҳпартниорра адгылара ҕәҕәа амоуп, аха, ҳәарада, апартниоррала иазҧхьагәаҭоуп аполитикатә диалог. Дара НАТО алаларазы азыҳәамҭа ҟарҵеит, ҳара макьана, алалара иазку ауснагӡатәқәа рплан раҳамҭацт, аха, Қырҭтәылеи ҳареи апартниортә еизыҟазаашьақәа ҳабжьоуп», — иҳәеит Столтенберг.