Иенс Столтенберг - Қырҭтәыла, ҳара ҳазынтәгьы ҳзызгәыку адемократиатә принципқәа ирықәныҟәалароуп, уи аҵакы ду амоуп, НАТО иалам ҳпартниорцәа асанкциақәа нарыгӡап ҳәа ҳгәыҕуеит
Иенс Столтенберг - Қырҭтәыла, ҳара ҳазынтәгьы ҳзызгәыку адемократиатә принципқәа ирықәныҟәалароуп, уи аҵакы ду амоуп, НАТО иалам ҳпартниорцәа асанкциақәа нарыгӡап ҳәа ҳгәыҕуеит

Қырҭтәыла  ҳхымҩаҧгашьа амодель иаҵанакәеит ҳәа сгәы иаанагоит,  избанзар, Урыстәыла, агәылацәа ирҿагыланы агрессиатә ауранагӡара   2014 шықәсазы Украина ажәыларала акәымкәа,  2008 шықәсазы Қырҭтәыла ажәыларалоуп ишалагаз, – иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Бриуссель,  „Германтәылатәи Маршал ифонд“ ала еиҿкааз адискуссиаҿы.

„Убри аҟынтә, ҳхымҩаҧгашьа амодель иргәаланаршәоит уи украинатәи аибашьра мацара шакәым изызку. Аибашьра хьшәашәа ашьҭахь, Урыстәыла агрессиатә хымҩаҧгашьа амшала, Урыстәылаҟны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара аҽазкра алҵшәа ахылымҵит.  Дара, агәылацәа рхылаҧшра рылшарц азыҳәан,  аханатә рнырра арҭбаара рҽазыркит.  Ҳәарада,  абри аҩыза адунеиаҿ акәӡам анхара ахьаҳҭаху, избанзар, НАТО агәылара иҟоу ҧасатәи асоветтә ҳәынҭқаррақәа ахьыҧшымра роуам, ҳара агәра ганы ҳаҟоуп аҳәынҭқаррақәа зегьы рхы иақәиҭны анхара азин шрымоу“, – иҳәеит Столтенберг.

Иара иажәақәа рыла, НАТО акыршықәса рыҩныҵҟа Қырҭтәыла аус ацнауан ареформақәа рымҩаҧгареи, апрактикатәии аполитикатәии усеицуреи ахырхарҭала.

„Аибашьра ашьҭахь лабҿаба иаабеит НАТО иалам атәылақәагьы Урыстәыла ақәыҕәҕәара ишаҿагылаз. Арҭ атәылақәа ацхыраара рҭахуп.  Убри аҟынтә, Мадриадтәи асаммитаҿ дара рзы ацхыраара ҳарҕәҕәарц ҳаӡбеит, Қырҭтәыла абарҭ атәылақәа иреиуп.  Қырҭтәыла, ҳара ҳазынтәгьы ҳзызгәыку адемократиатә принципқәа ирықәныҟәалароуп, уи аҵакы ду амоуп, НАТО иалам ҳпартниорцәа асанкциақәа нарыгӡап ҳәа ҳгәыҕуеит”, – иҳәеит Столтенберг.