Иенс Столтенберг иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла аԥыза-министр даниԥыла, Қырҭтәыла аполитикатәи апрактикатәи адгылара азҵаарақәа
Урыстәыла агрессиа ашәарҭа аҿаԥхьа иҟоу ҳпартниорцәа – Босниа-Герцеговинеи, Қырҭтәылеи Молдовеи аполитикатәи апрактикатәи рыцхраара азҳаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.
Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟны аиԥылара дахцәажәеит.
“Қырҭтәыла аԥыза-министр сиԥылеит, апрактикатәи аполитикатәии партниорреи Қырҭтәыла адгылареи шынаҳагӡо ҳахцәажәеит. Қырҭтәыла аполитикатәи апрактикатәи адгыларазы апакет шьақәҳарӷәӷәеит.
Иара убас, Қырҭтәыла иҟоу Нато адгыларатә офис аҿы иацҵаны аперсонал ҳашьҭит. Иашьҭанеиуа уснагӡатә – Қарҭ азыҟаҵареи ахәшьараҭареи рцентр егьырҭ аелементқәеи роуп. Ари ҳареи Қырҭтәылеи иҳабжьоу апартниорра иаҳа арӷәӷәоит.
Уаанӡа иҳадаҳкылаз аӡбара ҳаԥсахуам, аха арыцхә ҳазҳәом. 2008 шықәсазы Бухаресттәи асаммит аҿы иҳадаҳкылаз адкылара иадку аӡбара ҳаԥсахуам”, – иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.