Иенс Столтенберг – Ҳадгылаҩцәа рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, Бухарест имҩаҧысуа аминистериалаҿ Украинеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи ҳашрыцхрааша ҳалацәажәоит
Иенс Столтенберг – Ҳадгылаҩцәа рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, Бухарест имҩаҧысуа аминистериалаҿ Украинеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи ҳашрыцхрааша ҳалацәажәоит

«Ҳадгылаҩцәа рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, Бухарест имҩаҧысуа аминистериалаҿ Украинеи,  иара убас, Урыстәыла ақәыҕәҕәара аҵаҟа иҟоу  Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи ҳашрыцхрааша ҳалацәажәоит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Румынтәыла ахада  Клаус Иоҳанниси иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Столтенберг ишиҳәаз ала, Румынтәыла имҩаҧгаз аиҧылараан излацәажәаз азҵаарақәа иреиуп Украина имҩаҧысуа аибашьра иахылҵыз алҵшәақәа.

«Иахьатәи аиҧылараҿы Амшын еиқәа арегион ашәарҭадара ҳалацәажәеит, ари арегион НАТО азы астратегиатә ҵакы амоуп.  Иара убас, Украина имҩаҧысуа аибашьра иахылҵыз апроблемақәагьы ҳрылацәажәеит. Урыстәылатәи агрессиа иаҭакны, НАТО, Балиатәи амшын инаркны Амшын еиқәа аҟынӡа ахатә хаҭарнакра арҕәҕәоит.  Абра, Румынтәыла,  аибашьратә гәыҧ ҿыцқәа ҳаргылеит.  Канадатәи анырҵәагақәагьы шәыжәҩан ахьчара иацхраауеит, америкатә ракетақәа  Patriot шәхыхьчаралшара дырҕәҕәоит.  Ҳадгылаҩцәа рыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит, Бухарест имҩаҧысуа аминистериалаҿ Украинеи,  иара убас, Урыстәыла ақәыҕәҕәара аҵаҟа иҟоу  Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи, Қырҭтәылеи ҳашрыцхрааша ҳалацәажәоит», — иҳәеит  Столтенберг.

Абҵара 29 рзы Бухарест имҩаҧысуа НАТО аминистериал ихы алаирхәоит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.