Иенс Столтенберг - Асаммит аҿы НАТО алидерцәа Қырҭтәылеи Украинеи ишрыдгыло даҽазнык ишьақәдырҕәҕәап ҳәа сгәыҕуеит
«Бриуссель имҩаҧысуа асаммит аҿы НАТО алидерцәа Қырҭтәылеи Украинеи ишрыдгыло даҽазнык ишьақәдырҕәҕәап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Бриуссель имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.
Столтенберг абас аҭак ҟаиҵеит Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист ииҭаз азҵааразы: НАТО асаммит аҿы иаарту ашәқәа аполитика иалацәажәома?
«НАТО иаарту ашәқәа аполитика ақәҿиара аман. Абри аполитика Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашьҭахь Европа адемократиеи азакәан аиҳаӡареи аларҵәара иацхрааит. Убри аамҭа инаркны НАТО алахәылацәа рхыҧхьаӡара ҩынтә иазҳаит. НАТО ашә уажәгьы аартуп, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳара изныкымкәа уи ааҳарҧшит. Ҳара, Қырҭтәыла, Украина уҳәа, аспирант – ҳәынҭқаррақәа аус рыцаауеит, ареформақәа рымҩаҧгареи, аинститутқәа рмодернизациеи рыбжьаагоит, избанзар, евроатлантикатә интеграциазы уи иреиҕьу хархәагоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Ҳара аспирант – тәылақәа ареформақәа рымҩаҧгараҿы ҳрыцхраауеит. Бриуссель имҩаҧысуа асаммит аҿы НАТО алидерцәа Қырҭтәылеи Украинеи ишрыдгыло даҽазнык ишьақәдырҕәҕәап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Бриуссель имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы.