Иенс Столтенберг - Адгылаҩцәа апартниорцәа, урҭ рыбжьара Қырҭтәылеи Босниа-Герцеговинеи, рыдгылара азырҳаразы еиқәшаҳаҭхеит
Нато амаӡаныҟәгаҩхада Иенс Столтенберг Нато асаммит ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы Қырҭтәылеи Босниа-Герцеговинеи рыдгылара дахцәажәеит.
Столтенберг иажәақәа рыла, Евроеидгылеи Натои арҭ атәылақәа рсуверенитетқәа рыхьчараҿ ирыцхрароуп.
“Адгылаҩцәа Урыстәыла ажәылара ашәарҭа аҿаԥхьа иҟоу апартниорцәа, урҭ рыбжьара Қырҭтәылеи Босниа-Герцеговинеи, рыдгылара азҳаразы еиқәшаҳаҭхеит. Евроеидгылеи Натои арҭ атәылақәа рсуверенитетқәа рыхьчараҿ ҳрыцхрароуп,” -иҳәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада.
Асаммит иалагаанӡа, Иенс Столтенберг Қырҭтәыла адгылара дахцәажәеит.
«Иахьатәи аиԥылараҿ лидерцәа Урыстәыла ақәыӷәӷәара аҵаҟа иҟоу апартниорцәа рыдгылара аарԥшра азыԥшуп. Арт апартниорцәа риеруоуп Қырҭтәыла. Қырҭтәыла ахатә мҩа ахала алнахроуп.Кыршықәса ҵуеит Нато адгылаҩцәа Қырҭтәыла ацхыраара азаадырԥшуеижьҭеи. Қырҭтәыла атәылахьчаратәи ашәарҭадаратәи институтқәа рмлдернизациа аганахьала ареформақәа мҩаԥнагароуп. Украина аҭыԥ змаз ажәылара шьақәнарӷәӷәоит Қырҭтәыла адгылара шазаарԥштәу,” – иҳәеит Столтеньберг.