Иеиду ақырҭуа оппозициаа ирзеиҧшу акандидатцәа иқәдыргылоит иааиуа амшқәа рзы
Иеиду ақырҭуа оппозициаа ирзеиҧшу акандидатцәа иқәдыргылоит иааиуа амшқәа рзы

Иеиду ақырҭуа оппозициаа, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы ирзеиҧшу акандидатцәа иқәдыргылоит иааиуа амшқәа рзы, — ари атәы ааицҳаит  апартиа «Амилаҭтә ҵысра»  ахаҭарнак Гьаргь Хведелиани.

«Жьҭаара  2 рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа  —  ареферендум ауп. Абри апроцесс аҿы Қарҭ ауп аҧхьагылара змоу.  Қарҭ ахада иҭыҧ азы кандидатс дықәгылоуп Ника Мелиа, аҳҭнықалақь Сакребуло ахантәаҩы иҭыҧ азы – Елене Хоштариа.  Жьҭаара 2 рзы анапхгаратә гәыҧ 43 наӡына рзымгарц азыҳәан, ҳара арегионқәа рҿгьы аус аауеит.  Аҭыҧантәи ахааланапхгратә алхрақәа рнеҩс, ҳәарада, изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгахоит.  Иааиуа амшқәа рзы аоппозициатә кандидатцәа иқәҳаргылоит», — иҳәеит Хведелиани.