Даҽа ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа Афганистан аҟынтә аԥсадгьыл ашҟа амҩа иқәлеит
Даҽа ҩыџьа Қырҭтәыла атәылауаа Афганистан аҟынтә аԥсадгьыл ашҟа амҩа иқәлеит, уажәы урҭ Германтәыла иҟоуп.
Қырҭтәыла атәылауаа руаӡәы Ӡаур Џьаҟелиӡе ишааицҳаз ала, урҭ британиатәи еилахәыраҿ аус руан, уантә Нато абазахь иаган. Нато абазантә Қырҭтәыла атәылауаа зны Ташкент, анеҩс Германтәыла иаргеит. Германтәылантә урҭ Вршавахь иасуеит, уантә Қырҭтәыла ахынҳәра рылшоит.
Нанҳәа 16 рзы фҩык Қырҭтәыла атәылауаа венгриатәи аҳаирпланла Афганистан аҟынтә аԥсадгьыл ахь ихынҳәит.