Иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи аенергетикатә инфраструктура ҕәҕәала иаахеит
Иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа, адронқәа рыла, украинатәи аенергетикатә инфраструктура ҕәҕәала иаахеит. Ари атәы ааицҳаит Украина аенергетика аминистр Герман Галушенко.
Иара иажәақәа рыла, ари ажәылара хықәкыс иаман атәыла еиуеиҧшым арегионқәа рҿы аенергетикатә инфраструктура арбгара.
Украина аенергетика аминистр ауааҧсыра дрыҳәеит аҽыҵәахырҭақәа рҿы иҟазарц, избанзар, ишиҳәаз ала, ажәылара еиҭаҟалар ауеит.