Иаха Урыстәыла адронқәа рыла Одесса иажәылеит, хҩык иреиҵамкәа ахәрақәа роуит, атәылауаҩратә инфраструктуреи анхарҭатә хыбрақәеи ҧхасҭоуп
Иаха Урыстәыла Одесса иажәылеит, хҩык иреиҵамкәа ахәрақәа роуит. Одессатәи атәылаҿацәтә арратә администрациа анапхгаҩы Олега Кипер иҳәамҭала, Урыстәыла Одесса иажәылеит адронқәа рыла. Ажәылараан атәылауаҩратә инфраструктуреи анхарҭатә хыбрақәеи аҧхасҭа ду роуит.
Убри аамҭазы, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ишаанацҳаз ала, атәыла аханы индырҵәеит 26 украинатәи адронқәа.