Иаха Урыстәыла  75 адронқәа рыла Украина иажәылеит, урҭ рҟынтә 71 адронқәа иқәхын
Иаха Урыстәыла  75 адронқәа рыла Украина иажәылеит, урҭ рҟынтә 71 адронқәа иқәхын

Урыстәыла  75 адронқәа рыла Украина иажәылеит. Ари атәы ааицҳаит Украина Арратә аҳаиртә мчқәа рнапхгаҩы. Украинатәи арратә маҵзуҩцәа рдыррала, 75 адронқәа рҟынтә  71 икарыжьит.

Урыстәыла амассатә жәылара хада  мҩаҧган Украина ахҭнықалақь азы. Киев  ажәылара ф-сааҭк раҟара инагӡон, аурысцәа Киев ахырхарҭала  зеиҧшҟамлац ала ирацәаны,  — 50 адронқәа дәықәырҵеит.

Киев ахада  Витали Кличко иҳәамҭала, адронқәа рыҧҽыхақәак аихагыла рацәа змоу акорпусқәа ирықәҳаит. Хәҩык ахәрақәа роуит, урҭ рыгәҭа 11 шықәса зхыҵуа ахәыҷгьы.