Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит Жозеп Боррель
Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит Жозеп Боррель

Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, авице-ахада Жозеп Боррель.

Евроеидгыла адәныҟатәи аимадарақәа рзы амаҵзура адыррала, Боррель уажәтәи изинмчқәа рыла раҧхьаӡа акәны Қырҭтәыла даҭаауеит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара  евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла иҟоу апрогресс алацәажәареи арегионалтә зҵаарақәа рзы агәаанагарақәа реиҭныҧсахлареи илшоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Боррель дидикылоит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили. Иара убас,  Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили диҧылоит. Аиҧылара ашьҭахь аганқәа рхаҭарнакцәа апресс-конференциа мҩаҧыргоит.

Боррель Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилигьы диҧылоит.

«Иара убас,  Евроеидгыла авице-ахада,   апарламентаҿ аполитикатә партиақәа зегьы рхаҭарнакцәа дырҧылоит,  атәылауаҩратә уаажәларра алахәылацәа рҟны адискуссиа мҩаҧигоит», — иануп  Евроеидгыла адәныҟатәи аимадаразы амаҵзура адырраҿы.