Иахьа Қырҭтәыла апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара "ҩежь" амч амазаауеит
Иахьа Қырҭтәыла апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара "ҩежь" амч амазаауеит

Қырҭтәыла апарламент ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа рырҕәҕәара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала, иахьа апарламентаҿ ашәарҭадара аҩаӡара  «ҩежь» амч амазаауеит. Аҭааҩцәа апарламент ахыбра  изыҩналом.

Апарламентаҿ имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа  (акомитетқәа реилатәарақәагьы) рахь инарышьҭуеит иашьашәалоу аструктуратә акқәа иаарыҧхьаз ахаҿақәа мацара.  Аккредитациа змоу ажурналистцәа арҭ аҧкрақәа рыдкьыслом.

Аҳәамҭа ишану ала, зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьақәа  Қырҭтәыла апарламент ахыбраҿ шәарҭада аусура аиқәыршәара иазкуп.