Иахьа Париж, Сена аӡиас аҿы Аолимпиада аадыртуеит  – ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT
Иахьа Париж, Сена аӡиас аҿы Аолимпиада аадыртуеит  – ишиашо ицо арепортаж Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ  #1TVSPORT

Иахьа, ҧхынгәы  26 рзы, қарҭтәи аамҭала асааҭ 21:30 рзы, Париж,  33-тәи Аолимпиада аартра ацеремониа иалагоит. Қырҭтәыла Актәи аканал ишәыднагалоит ишиашо ицо арепортаж.

«Аспортсменцәа рзы ари ахҭыс аҵакы ҷыда амоуп. Ахәмаррақәа Сена аҟәараҿы, –  уаҟа ахәаҧшцәа рацәа еизоит.  Абри ауникалтә ҧышәа зегьы иргәаҧхоит. Сара адунеи аспортсменцәа зегьы 33-тәи Аолимпиатә хәмаррақәа рызгәаҭаразы Парижҟа иаасыҧхьоит. Сынтәатәи аолимпиатә хәмаррақәа рдевиз: Иаҳа ирласны, иаҳа иҳаракны, иаҳа иҕәҕәаны, ҳаидгыланы», — иҳәеит Жәларбжьаратәи аолимпиатә комитет ахада  Томас Бах.

Парижтәи аолимпиатә хәмаррақәа раартра ацеремониа астадионаҿ акәымкәа, Сена аҟәараҿы имҩаҧысуеит. Ахәмаррақәа ирылахәы аспортсментцәа анышьқәа ирықәтәаны аӡысуеит, ахәаҧшцәа аҟәарантә ирыцклаҧшуеит. Аолимпиатә факел Парижҟа инаргоит ҧхынгәы 26 рзы.