ЕАШ аҳәынҭәарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио иахьа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диԥылоит. Аиԥылара Малаизиа ҳҭнықалақь Куала Лумпур мҩаԥгахоит.
“Аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 18:00 рзы, Куала Лумпур, аҳәынҭәарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров диԥылоит”, – иануп аҳәынҭқарратә департамент аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Рубио Малаизиа имҩаԥысуа Алада-мрагыларатә Азиа атәылақәа реиҿкаара адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа есышықәсатәи реиԥылара далахәуп.