Иахьа Львовынтә Польшаҟа ииагоуп даҽа 50ҩык Қырҭтәыла атәылауаа. Львовынтә ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналистцәа.
Зыӡбахәы ҳәоу атәылаауаа рҟынтәи ҩаажәаҩык Львовҟа инеит Мариуполь аҟынтәи. Дара ишырҳәаз ала, Мариуполь даараӡа аҭагылазаашьа цәгьоуп, Львовҟа инеирц азыҳәан ҩажәа километр шьапыла иахысит.
Иахьа Қырҭтәыла атәылауаа Польша аҳәаашҟа инеит, уаантәи Қырҭтәылаҟа идәықәлоит.