Иахьа Кахеҭи аглобалтә гәыҳалалратә уснагӡатә - Адунеитә аиҧхныҩра 2019 мҩаҧысуеит
Аглобалтә гәыҳалалратә уснагӡатә – Адунеит аиҧхныҩра 2019 иахьа имҩаҧсуеит. Ауснагӡатә иалагоит Кахеҭи Лопотатәи аваҵәирҭаҿы.
„Вингс фор лаиф уорд ран“ амарафон заҵәуп здистанциа ҳәаақәҵам, астандарттә фиништә цәаҳәа змам. Алахәылацәа астарт аныргалак, сааҭбжак ашьҭахь амашьына рышьҭаланы, аҩра иаҟәыҵуа алахәылацәа зегьы изхысыз адистанциа шьақәнаргылоит.
Амарафон рхы аладырхәоит апрофессионалтә спортсменцәеи, иара убас, аспорт абзиабаҩцәеи. Ауснагӡатә аан идырҳауа аҧара зегьы „Вингс фор лаиф уорд ран“ афонд иаларҵоит. Уи амедицинатәи аклиникатәи ҭҵаарақәа мҩаҧнагоит.