Иахьа инаркны, хәҩык иреиҳаны ауаа ахьеизо иаарту ақәыҧшылараҿы хымҧада асабрада ныҟәгатәуп
Иахьа инаркны, хәҩык иреиҳаны ауаа ахьеизо иаарту ақәыҧшылараҿы хымҧада асабрада ныҟәгатәуп

Иахьа инаркны, хәҩык иреиҳаны ауаа ахьеизо иаарту ақәыҧшылараҿы хымҧада асабрада ныҟәгатәуп.

Атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара амшала, ари аӡбара рыдыркылеит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак иацтәи еилатәараҿы.

Иаарту ақәыҧшылараҿы хымҧада асабрада аныҟәгара арегулиациа аҧыхын рашәара 22 рзы,  иарку ақәыҧшылараҿы асабрада аныҟәгара апҟара амч аман.

Иара убас, акрыфаратә обиектқәа асааҭ  00:00 инаркны асааҭ  05:00нӡа аусура азин рымам, аҳәынҭқарра абри апҟара анагӡаразы ахылаҧшра арҕәҕәоит. Ачарақәеи, аҧсхәарақәеи, егьырҭ асоциалтә уснагӡатәқәеи рымҩаҧгаразы, акрыфаратә обиектқәа  10 нызқь лари ахараҧса рықәырҵоит, аҩынтәраан аҧкра аилагаразы аобиект дыркуеит