Иахьа инаркны Қырҭтәыла алагалоуп иџьбароу аԥкрақәа
Иахьа инаркны Қырҭтәыла алагалоуп иџьбароу аԥкрақәа

Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иазҧхьагәаҭаны, Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак атәылаҿы ишьақәыргылоу икылкаау аҧкрақәа рырџьбареи рырҭбаареи азы аӡбара аднакылеит.

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала,

Абҵара 28 инаркны ажьырныҳәа 31 налаҧхьаӡаны:

атәыла зехьынџьара иқәиҭымуп:

  • асааҭ 21:00 инаркны 05:00-нӡа, шьапылагьы атранспорт алагьы аиҭаҵреи ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы аҟазаареи ҟалом;
  • Ашықәс Ҿыц аухаз – ҧхынҷкәын 31-еи Қьырса аухаз – ажьырныҳәа 6-еи ада;
  • еиҧҟьарадагьы ақалақьбжьаратә пассаџьыртә мҩангара, аихамҩалагьы. Амашьына ласқәеи атаксиқәеи ари аҧкра рыдкьыслом;
  • аресторанқәеи акрыфаратә обиектқәеи анагаратә сервис ахь иасуеит. Дара азин рымоуп: афатәаалыҵ анагара takeaway, «Деливери», «Драив».
  • афитнес-залқәеи абассеинқәеи русура; аконференциақәеи, атренингқәеи, акультуратәи агәырҿыхаратәи уснагӡатәқәеи рымҩаҧгара ҟалоит онлаин аформат мацарала;
  • аспорттәи, асахьаҭыхратәи, акультуратәи агәыҧқәа/студиақәа русура.

Ақалақь дуқәа рҿы – Қарҭи, Баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории, Ҧуҭии, Жәыргьыҭи, Ҭелавии, иара убас ашьха-шәаҩатә курортқәа рҿы – Бакуриании, Гудаурии, Годерӡии, Местиеи абарҭ аҧкрақәа амч рымазаауеит:

  • Қарҭи, Ҭелавии, Баҭыми, Қәҭешьи, Русҭавии, Гории, Ҧуҭи, Жәыргьыҭи амуниципалтә транспорт аусура;
  • ахәаахәҭратә обиектқәа (афатәаалыҵтәи аҟашәатәи адәқьанқәеи, аҧтекақәеи, аветеринартә аҧтекақәеи, абзазаратә химиеи агигиенеи адәқьанқәеи,) аус руеит анахаралатә режим мацарала;
  • ихту иара убас, иарку аџьармыкьақәа аус руам. Ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа аусура нарыгӡоит;
  • ашколқәеи, азанааҭтә ҵараиурҭақәеи, иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи (амедицинатә аҵара апрограммақәа рыда) анахаралатә усуратә режим ашҟа ииагоуп;
  • аҳәынҭқарратәгьы хазхаҭалатәгьы ахәыҷбаҳчақәа аусура иаҟәыҵуеит.

 


Иара убас, ашьха-шәаҩатә курортқәа рҿы:

асасааирҭақәа аусура рылшоит акарантинтә қәыҧшыларақәа раҳасаб мацарала; иара убас, ашәаҩатә трассақәеи ашахамҩақәеи аусура иаҟәыҵуеит.

Ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 2-нӡа аҧкрақәа рырмаҷра иалагоит:
атәыла зехьынџьара:

  • ахәаахәҭратә центрқәеи иаартуи иаркуи аџьармыкьақәеи аусура иалагоит;
  • амуниципалтәи, иара убас, ақалақьбжьаратәи атранспорт аусура еиҭалагоит.


Ажьырныҳәа 3 инаркны ажьырныҳәа 15-нӡа
атәыла зехьынџьара:

  • ирыларҳәоит аҧсшьарамшқәа;
  • абҵара 28 инаркны ҧхынҷкәын 24-нӡа ишьақәыргылаз аҧкрақәа зегьы еиҭашьақәгылазаауеит;
  • абанкқәеи астратегиатә ҵакы змоу аобиектқәа рыда, егьырҭ аусбарҭақәа зегьы аус руам.

Ажьырныҳәа 16 – Ажьырныҳәа 31
атәыла зехьынџьара:

  • амуниципалтә транспорти ақалақьбжьаратә транспорти, ахәаахәҭратә обиектқәеи иаартуи иаркуи аџьармыкьақәеи аусура еиҭалагоит (асабшеи амҽышеи рыда).
  • Асабши амҽышеи рзы ахәаахәҭратә обиектқәеи, аџьармыкьақәеи, атранспорти аус руам.


Зыӡбахә ҳәоу аамҭазы аҧкрақәа рыдкьыслом:

Егьи аекономикатә усурақәа зегьы, урҭ рыбжьара:

  • аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи аргылара – арҽеиратә усура;
  • абанктәи афинанстәи усура;
  • афатәаалыҵтәи аҟашәатәи адәқьанқәеи, аҧтекақәеи, аветеринартә аҧтекақәеи, абзазаратә химиеи агигиенеи адәқьанқәеи апресса аҿхышәқәеи русура;
  • аделивери аалыҵ анагара асервисқәеи;
  • аҽырҧшӡаратә салонқәеи аестетикатә медицинатә центрқәеи русура;
  • автотехмаҵзуреи атехникатә гәаҭара асервисқәеи;
  • абзазаратә техника арҽеиратә сервисқәа;
  • ақыҭанхамҩатә џьармыкьақәа русура.

Амашьына ласқәа рыла (атаксиқәагьы нрылаҵаны) аиҭаҵра ҟалоит.