Иахьа инаркны атәылаҿ  амассатә вакцинациа иалагоит
Иахьа инаркны атәылаҿ  амассатә вакцинациа иалагоит

Иахьа инаркны атәылаҿ  амассатә вакцинациа иалагоит.

Ԥхынгәы 2 рзы Аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭала, атәыла аиуит агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ала иазхаҵоу, авторизациа змоу китаитәи авакцинақәа „Синофарми” „Синоваки” миллион адозақәа.

“Ашәахьа инаркны амассатә вакцинациа алагара ҳазыхиоуп. Ажәлар аинформациа рысҭар сҭахуп иҵегьы иҳаураны иҟоу адозақәа ирызкны.  Ишыжәдыруа ала, аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ҳара ишиашо ааглыхыҩцәа рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагон. Ари апроцесс қәҿиарала ихыркәшоуп.

Иара убас, Pfizer аҟны қәҿиарала имҩаҧаагаз аиҿцәажәарақәа рыбзоурала, ҳара миллион адозақәа рзы ҳаиқәшаҳаҭхеит.

Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩхьеит, аҧара ҳшәахьеит. Ҧхынгәы инаркны, Pfizer, етапла, авакцина миллион адозақәа ҳзаашьҭра иалагоит. Зынӡа, ашықәс анҵәамҭанӡа, авакцина 4 миллион адозақәа ҳаураны ҳаҟоуп, убри абзоурала, ашықәс анҵәамҭанӡа зықәра наӡоу ҳуааҧсыра 60 наӡына алаҵақәа рзыҟаҵара ҳалшоит. Ҳаҭыр зқәу Тикараӡе лнапхгарала, аминистрреи, ишеибгоу агәабзиарахьчаратә системеи алаҵақәа рыҟаҵара иазыхиоуп. Иара убас, ҳара хазхаҭалатәи асектор ахаҭарнакцәагьы ҳарҧылеит, хазхаҭалатәи аклиникақәа рнапхгаҩцәа, ашәахьа инаркны амассатә вакцинациа апроцесс алагара иазкны ҳрацәажәеит. Ҳәарада, абри апроцесс аҿы ҳтәылауаа аҭакҧхықәра ду аадырҧшыроуп. Ҳаиҳабыреи, хаҭала сареи ҳахьӡала ҳуааҧсыра срыҳәар сҭахуп апандемиа алагамҭазы ишыҟаз еиҧшҵәҟьа, усҟан аҭакҧыхқәра ду шаадырҧшыз, уажәгьы абасҵәҟьа рхы мҩаҧыргарц», — иҳәеит Ҕарибашвили.

Қырҭтәыла акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациазы арегистрациа иазку апортал аусура еиҭашьақәыргылоуп. Зыӡбахәы ҳәоу апортал иацы аҧхасҭа аиуит амассатә кибержәылара амшала.

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, апортал азы акибережәылара мҩаҧган. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра акибержәылара афакт азы аусеилыргара иалагеит.

Иацы, асааҭ 19:00 рзы “Синофарм” азы арегистарциа иахысит 14 000-ҩык.