Иахьа «Ақырҭуа гәахәтәы» еизара ду мҩаԥнагоит, аизараҿ ахантәаҩи аполитхеилак еилазаашьа ҿыци иалырхуеит
Иахьа аполитикатә ҵысра «Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла» еизара ду мҩаԥнагоит, аизараҿ апартиа ахантәаҩ ҿыци аполитхеилак еилазаашьа ҿыци иалырхуеит.
«Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аӡбамҭа и нақәыршәаны, апартиа ахантәаҩыс далырхуеит Иракли Кобахиӡе, аполитхеилак 21 ҩык иалалароуп. Апартиа аҟынтә ишарыцҳаз ала, апартиа аполитмаӡаныҟәгаҩс даанхоит Каха Калаӡе, Иракли Кобахиӡе ицынхәрас анагӡаратә маӡаныҟәгаҩс иалырхуа макьана идырым.
Ажьырныҳәа 11 рзы апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ашьаҭаркҩы Биӡина Иванишвили аполитикантә дышцо ааицҳаит.
Апартиа еизара ду асааҭ 14:00 рзы мҩаԥгахоит. Уи «Уқспо Џьорџьиаҿ» мҩаԥысуеит, апандемиа амзызла еизара ду рхы аладырхуоит 400-ҩык аделегатцәа мацара.