Иахьа апарламент ахыбра аҩналара  арежим иҧкызаауеит
Иахьа апарламент ахыбра аҩналара  арежим иҧкызаауеит

Қырҭтәыла апарламент аҳәамҭа аланарҵәеит  азакәанҧҵаратә орган аҿы ашәарҭадара аҭагылазаашьақәа рырҕәҕәара иазкны.

«Хәажәкыра 31 рзы Қырҭтәыла апарламент ахани уи иаҧну аҵакырадгьыли аҿы, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ишьақәиргылаз арегулиациақәа ирышьашәаланы, амч амазаауеит апарламент ахыбра аҩналара иҧку арежим, акредитациа змоу ажурналистцәа ари арежим рыдкьыслом.

Ари ауснагӡатә хықәкыс иамоуп Қырҭтәыла апарламент адепутатцәеи аппаратә аусзуҩцәеи ршәарҭадара ахьчареи аусуратә ҭагылазаашьақәа реиқәыршәареи», — иануп аҳәамҭаҿы.

Иахьа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, есышықәсатәи ажәахә ала апарламентаҿ дықәгылоит.