Қырҭтәыла апарламент изаамҭаным апленартә еилатәара мҩаԥнагоит, еилатәараҿ Аиҳабыра еилазаашьа ҿыци аиҳабыратә программеи агәрагара рзаарԥшра апроцедура мҩаԥысуеит.
Қырҭтәыла Аҧыза-министррахь акандидат Гьаргь Гахариа апарламент адигалеит аиҳабыра реилазаара. Аиҳабыра реилазаараҿы аҧсахра заҵәык ҟалеит — аиустициа аминистр иҭыҧ азы кандидатс дықәдыргылеит Гоча Лорҭқиҧаниӡе.
Аиҳабыраҿ аструктуратә аиҭакрақәа мҩаԥыргар ҟалап – Аҵареи, аҵарадырреи, акультуреи, аспорти рминистрра акультура ахырхарҭа алҵра азҵаара иахәаԥшуеит.
Аиҳабыратә программа — «Европатәи аҳәынҭқарра аргыларазы» хықәкыс иамоуп апандемиа иахылҵыз акризис излауа ала ирласны алҵреи, ирласны аекономика аиҭашьақәыргылареи аҿиареи, атәылауаҩ цыҧхьаӡа иҭышәынтәалоу ишәарҭам алагылазаара изеиқәыршәареи, аструктуратә реформақәа рынагӡареи.
Аиҳабыра агәрагара рзаарԥшразы аҭахуп 76-ҩык адепутатцәа рыбжьы.