Иахьа Аиашахаҵаратә уахәама Иаса Қьырса Иерусалим иалалара амшныҳәа -Аҩеиӡтә амҽыша иазгәанаҭоит
Иахьа Аиашахаҵаратә уахәама Иаса Қьырса Иерусалим иалалара амшныҳәа – Аҩеиӡтә амҽыша азгәанаҭоит. Аныҳәатә литургиа Қырҭтәыла аныхабаақәа зегьы рҿы мҩаԥысуеит.
Бзоба (Аииа-абаииа амш, Аҩеиӡтә амҽыша)— 12 аныҳәамшқәа иреиуп, уи Мшаҧы аныҳәанӡа аҵыхәтантәи амҽышазы иазгәарҭоит. Лазар аԥсцәа рахьтә игылара ашьҭахь, Иаса Қьырса Пасеқ азгәаҭаразы Иерусалим ддәықәлоит. Иерусалим ажәлар уи аҳ иеиԥш иԥылон, “осанна” ҳаиқәырха ҳәа иарҳәон.
Қырҭтәыла абри аныҳәа Бзоба ахьӡуп. Аныхабаақәа зегьы рҿы колхидатәи ашыц (ақыршәала — бза) аҧшьареи аныҳәатә Анцәаимаҵзуреи мҩаҧыргоит. Анцәа дхазҵо ауааҧсыра, иахьа иҧшьоу ашыц амахәқәа шықәсык аҩны ирымоуп, Бзоба анеҩстәи аныҳәамш аҟынӡа.