Иахьа Қырҭтәыла иазгәарҭоит Аҭаацәара ацқьареи ани аби пату рықәҵареи амш
Иахьа Қырҭтәыла иазгәарҭоит Аҭаацәара ацқьареи ани аби пату рықәҵареи амш, уи инамаданы, Қарҭ аныҳәатә ныҟәара мҩаҧгахоит.
Қырҭтәыла Апатриархиа адыррақәа рыла, асааҭ 13:00 рзы адоуҳатә хаҿқәеи ауахәама аҭааҩцәеи Қашуеҭи аныхабаа аҿы еизоит, анеҩс, Самеба ауахәамахь шьапыла идәықәлоит.
2014шықәсазы, Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх иныҳәарала, лаҵара 17 Аҭаацәара ацқьареи ани аби пату рықәҵареи мшны рылаҳәан.