Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит
Иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит

Хаҭалатәи адыррақәа рыхьчара иазку азакәан иалалаз аԥсахрақәа рыхәҭа амч иахьа роуеит. 2023 шықәса хәажәкыра мзазы апарламент аднакылаз азакәан ҿыц,амч аиуеит аетап-етапла.

Иахьа инаркны агресивтә амаркетингтә кампаниақәа иқәиҭымтәхоит. Азакәан ҿыц инақәыршәаны, иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит.

Рашәара 1 инаркны амч роуеит егьырҭ ахыдҵақәа – аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи хаҭалатәи аилахәырақәеи зегьы хаҭалатәи адыррақәа рыхьчара аофицар рымазароуп.

Азакәан аилагаразы асанкциақәа иазыԥхьагәаҭоуп. Ахараԥса хыхтәи аҩаӡара 20 000 лари иаҟароуп.