Хаҭалатәи адыррақәа рыхьчара иазку азакәан иалалаз аԥсахрақәа рыхәҭа амч иахьа роуеит. 2023 шықәса хәажәкыра мзазы апарламент аднакылаз азакәан ҿыц,амч аиуеит аетап-етапла.
Иахьа инаркны агресивтә амаркетингтә кампаниақәа иқәиҭымтәхоит. Азакәан ҿыц инақәыршәаны, иахьа инаркны аӡыргаратә ацҳамҭақәа рышьҭра адресат иқәшаҳаҭра мацара ашьҭахь алшахоит.
Рашәара 1 инаркны амч роуеит егьырҭ ахыдҵақәа – аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи хаҭалатәи аилахәырақәеи зегьы хаҭалатәи адыррақәа рыхьчара аофицар рымазароуп.
Азакәан аилагаразы асанкциақәа иазыԥхьагәаҭоуп. Ахараԥса хыхтәи аҩаӡара 20 000 лари иаҟароуп.