Иахьа, Дональд Трамп Украина азҵааразы администрациатә ачинуаа рҟны аиԥылара мҩаԥигоит
Иахьа, ЕАШ ахада Дональд Трамп Украина азҵааразы администрациа ачинуаа рҟны аиԥылара мҩаԥигоит, – аанацҳаит NYT.
Акьыԥхь аинформациа ала аиԥылара рхы аладырхәоит аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои атәылахьчара амаӡаныҟәгаҩ Пит Ҳегсети. NYT ишаанацҳауа ала, ЕАШ анырра еиуеиԥшым авариантқәа, урҭ рыбжьара Украиназы арратә цхыраара аанкыла ма аԥыхра.
Аҩны шкәакәа аҟынтә ари аиԥылара иазкны аофициалтә дыррақәа аларҵәара рмоуит.
Жәабран 28 рзы, Аҩны шкәакәаҿ ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии, Америка вице-ахада Џьеи Ди Венси еиԥылеит. Алидерцәа аихқәа рхаҭарнакцәа рҿаԥхьа аимак рыбжьалеит. ЕАШ ахада Дональд Трампи Украина ахада Володимир Зеленскии реиԥылара заа ихиркәшеит. Имҩаԥыргаран иҟаз апрессконференциагьы аԥыхын.