ЕАШ-Евроеидгыла асаммит аҳәамҭа – Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә перспективеи ҕәҕәала ҳадгылоит
ЕАШ-Евроеидгыла асаммит аҳәамҭа – Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә перспективеи ҕәҕәала ҳадгылоит

Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә перспективеи ҕәҕәала ҳадгылоит, —  иануп  ЕАШ-Евроеидгыла асаммит алҵшәақәа рышьаҭала ирыдыркылаз аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭаз ала,  Америкеи Евроеидгылеи  Атрансатлантикатә партниорра иазыразуп.

«Америкеи Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәеи  адунеиаҿ зегьы реиҳа иҕәҕәоу аекономикатә еизыҟазаашьақәа ирыдҳәалоу апринципқәа рыла еидҳәалоуп. Ҳара ишьақәҳарҕәҕәоит Атрансатлантикатә партниорра ҳшазыразу.  2021 шықәсазы имҩаҧгаз Америка-Евроеидгыла аҵыхәтәантәи асаммит ашьҭахь адунеи зеиҧшҟамлац ала аҽаҧсахит, убри иаҭакны, ҳара амбициатә ҟазшьа змоу ашьаҿақәа ҟаҳҵеит. Ҳара, арегионаҿгьы адунеи аҿгьы  аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, ашәҭыкакаҷреи аиқәыршәразы аус еицаауеит, Украина адгыларагьы наҳагӡоит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Асаммит аҿы аганқәа еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, апартниорцәа зегьы, европатәи амҩаҿ ҧхьаҟацаразы, иаҭаху ареформақәа зегьы рымҩаҧгара нарыгӡароуп.

«Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә перспективеи ҕәҕәала ҳадгылоит. Ҳара ишьақәҳарҕәҕәоит Мраҭашәаратә Балканқәа рҿы аҭышәынтәалара ҳшазҿлымҳау, ари арегионаҿ Евроеидгыла аперспективақәа ҳашрыдгыло. Апартниорцәа зегьы европатәи амҩаҿы ҧхьаҟацаразы иаҭаху ареформақәа зегьы рымҩаҧгара нарыгӡароуп», — иануп аҳәамҭаҿы.