Иаркли Ӷарибашвили аофициалтә визитла Венгриа ддәықәлеит
Иаркли Ӷарибашвили аофициалтә визитла Венгриа ддәықәлеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иаркли Ӷарибашвили аофициалтә визитла Венгриа ддәықәлеит.

Қырҭтәыла аԥыза-министр иперссмаҵзура аинформациа ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҳабыра рнапхгаҩы Венгриа аҳҭнықалақь Будапешт зыҩаӡара ҳараку аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит жәларбжьаратәи аекономикатә комиссиа аилатәара.

Аҧыза-министр анапхгара ззиуа Қырҭтәыла аделегациа иалоуп авице-аҧыза, Аекономика аминистр Леван Давиҭашвили, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили, арегионқәа рҟны аусеицура адепартамент аиҳабы Лери Барнабишвили, аиҳабыра русмҩаҧгарҭа аиҳабы Реваз Џьавелиӡе.