Иапониа адгьылҵысра ҟалеит
Иапониа адгьылҵысра ҟалеит

Иапониа 6.9 амагнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит,-  аанацҳаит “Роитер”.

Иапониа аметеорологиатә агентра аинформациа ала, адгьылҵысра Иапониа аладахьала, арегион Киушу аҟны аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 21:19 рзы ҟалеит.

Цунами ашәарҭа иазкны адырра ҟаҵан адгьылҵысра аепицентр ахьыҟаз Миаӡаки апрефектураҿ.